Урыстәыла

Краснодар ақалақь агәаҿы аԥжәара ҟалеит

Иҟалаз ахҭыс амзызқәа ашьақәыргылараз аҭыԥ аҿы аусурақәа мҩаԥысуеитоит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Краснодар ақалақь аҿы лаҵара 26 асааҭ 4:17 рзы аԥжәара ҟалеит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә Аоперативтә штаб.
"Иҟоу аинформациала Краснодар ақалақь Морскаиа, 54/2 аҿы лаҵара 26 асааҭ 4:17 рзы аԥжәара ҟалеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Ааха аиуит аофистә хыбра, анхарҭаҩны аҿы аԥенџьырқәа ҿыҟьҟьеит, ахыб ааха аиуит.
Аӡәгьы ԥырхага имоуит. Аҭыԥ аҿы аусурақәа мҩаԥысуеит, иҟалаз амзызқәа шьақәдыргылоит.