Урыстәыла

Краснодар иҟалаз атҟәацрақәа зыхҟьаз атәы рҳәеит

Краснодар ақалақь аҿы атҟәацра ҟалеит лаҵара 26 асааҭ 4:17 рзы. Ҩнқәак рхыбқәа ааха рыҭоуп, аԥынџьырқәа ҭыҟьҟьеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ҩба ркаҳара иахҟьеит Краснодар иҟалаз атҟәацрақәа ҳәа иофициалтә Telegram-канал аҿы иҩит Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиев.
"Морскаиа амҩаҿы ашьыжь иҟалаз ахҭыс аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ҩба ркаҳара иахҟьеит. Иҟоуп ааха зауз аҩнқәа, аха аԥсҭазаараеиқәыршәаратә инфраструктура аԥхасҭа амаиуӡеит. Ихадароу аӡәгьы акгьы имыхьит", - ҳәа иҩуеит иара.
Арегион аиҳабыра аԥырхага зауыз атәылауаа ацхыраара рырҭоит. Аусҭҵааратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.
Урыстәыла
Краснодар ақалақь агәаҿы аԥжәара ҟалеит