Аԥсни Урыстәылеи еиқәшаҳаҭхеит русеицура иацырҵарц Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны. Иара мҩаԥысуеит рашәара 14 - 17 рзы.
Ахәҳаахәҭра-економика, аекологиа, ақыҭанхамҩа русхкқәа рҟны аусеицура атәы иалацәажәеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи Санкт-Петербург аиҳабыра рлахәыла Евгени Григореви.
Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа напхгара зиҭо аделегациа арҭ амшқәа рзы Санкт-Петербург иҟоуп. Иахьа уаҟа имҩаԥысуеит аҳәаа ашьақәыргыларазы Аԥсни Урыстәылеи рхаҭарнакцәа злахәу афбатәи аиԥылара.
Џьопуа иҳәеит Аԥсни Санкт-Петербург ақалақь ахадареи аусеицуразы агәҭакқәа шрымоу.
"Уи иаҵанакуеит аекологиа, ақыҭанхамҩа аганахьала аусеицура. Санкт-Петербург ахадара ишҳарҳәаз ала агәамсам аҭыԥ ақәҵара дара рҟны ибзианы аус шьақәыргылоуп, ацхыраара ҟарҵар ауеит. Ас еиԥш аус ахацыркразы аиԥылара мҩаԥган дара раԥшьгамҭала", - иҳәеит Џьопуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.