Урыстәыла

Урыстәылатәи абиометриатә аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәқәа рзы арзаҳалқәа рыдкылара хацыркхоит

Ҳазҭоу ашықәс жәабранмза алагамҭаз ачипқәа рзы ицәырҵыз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны Урыстәыла абиометриатә аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәқәа рзы арзаҳалқәа рыдкылара аанкылан.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Урыстәыла аелектронтә информациа ныҟәызго аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәқәа рзы арзаҳалқәа рыдкылара хацыркхоит рашәара 1 инаркны, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ахаҭарнак ҷыда Ирина Волк иҟалҵаз аҳәамҭа шьаҭас иганы.
Волк лажәақәа рыла, атәылауаҩ аиуразы арзаҳал алаҵара алшоит Урыстәыла иахьыкәзаалак Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҵанакуа аусбарҭақәеи, Анапынҵарацәатә центри мамзаргьы Аҳәынҭмаҵзурақәа рпортал аҟынтәи.
Жәабран 2 2023 шықәсазы абиометриатә тәылауаҩшәҟәқәа риуразы арзаҳалқәа рыдкылара аанкылан, ачипқәа рзы ицәырҵыз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны.
Иҿыцу абиометриатә аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәы жәашықәса аҿҳәара амоуп. Атәылауаҩшәҟәы атитултә даҟьаҿы иагәыласоу амикрочип иара зтәу изы адыррақәеи анацәаҭыԥынҵеи арбоуп.