Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аҳауахьчаратә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла аракетақәа Storm Shadow ԥыржәеит

Иара убас, иҭархоуп аракетақәа HARM ҩба, HIMARS ахгәыцәқәа 19, украинатәи адронқәа 12.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Урыстәыла аҳауахьчаратә мчқәа рхархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи аракетақәа Storm Shadow ҩба ԥыржәеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа рхархәагақәа уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа амҵәыжәҩа змоу аракетақәа Storm Shadow ҩбеи, арадиолакациаҿагыларатә ракетақәа HARM ҩбеи, HIMARS ахгәыцәқәа зеижәи ԥыржәеит. Иара убасгьы аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 12 ҭархоуп", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Урыстәыла аоператив-тактикатәи арратә авиациеи, аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла ааха рырҭеит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 82, иара убас аруааи аибашьыгатә техникеи 96 раион рыҟны. Иҭархоуп 24-тәи, 54-тәи амеханизациатә бригадақәа рнапхгараҭаратә ҭыԥқәа.
Атәылахьчара иаанацҳауеит, Купиансктәи ахырхарҭаҿы ишҭадырхаз 45-ҩык асолдаҭцәа, акәылӡымашьынақәа ҩба, ԥшь-машьынак. Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 65-ҩык аӷацәа, акәылӡымашьынақәа ҩба, х-машьынак, агаубица "Мста-Б", арадиолокациатә станциа, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы - 65-ҩык рҟынӡа аибашьцәеи, атанкқәа хԥеи, акәылӡмашьынақәа хԥеи, автомашьынақәа хԥеи, ҩ-гаубицак Д-30 ҭархоуп, иара убас ахаланыҟәаратә артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика".
Алада –Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы иҭархоуп 120-ҩык рҟынӡа украинатәи асолдаҭцәа, кәылӡымашьынак, ҩ-машьынак, ахаланыҟәаратә артиллериатә шьақәгыла "Krab", аконтрбатареиатә жәылара арадиолокациатә станциа AN/TPQ-37.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп - 100-ҩык рҟынӡа украинатәи аруаа, автомашьынақәа 3, ахаланыҟәаратә артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика".
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Белгородтәи аобласт аҟны 70-ҩык рҟынӡа украинатәи аибашьцәа ҭархоуп