Кәтол еиҭашьақәыргылоуп асовет аамҭазы иҟаз ҩ-чаиплантациак. Ҵыԥх раԥхьаӡа акәны аалыҵ аџьармыкьахь инаган. Сынтәа аҽаҩра зеиԥшроу, насгьы аплантациақәа реиҭашьақәыргылара иацу ауадаҩрақәеи аҭыԥантәи ачаи иамоу азҿлымҳареи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит уи аус адызуло Адгәыр Гьергьиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.