Урыстәыла

Ҭырқәтәыла АКХ ахантәаҩы Ердоган аиааира шигаз азы аҳәамҭа ҟаиҵеит

Алхрақәа реихшьалатә лҵшәақәа кьыԥхьхьоит аофициалтә дырранҵаҿы рашәара 1 азы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Реџьеԥ Таиип Ердоган аиааира игеит Ҭырқәтәыла ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аҿы 52% абыжьқәа иманы, абри азы амҽыша аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла Иреиҳаӡоу алхратә комиссиа ахантәаҩы Аҳмеҭ Иенер.
"Ҭырқәтәыла иаартыз алхратә ҭыԥқәа, аҳәаанырцәтә хаҭарнакрақәа, аҳәаахьчаратә ҭыԥқәа рҟынтәи иҳауз абиуллетеньқәа 99,43% аус анрыдааула ашьҭахь еилкаахеит Ердоган ишиоуз 52,14% абыжьқәа, (Қьемаль - аред.) Қылычдароӷлу – 47,86%. Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла ахадас далхуп Реџьеԥ Таиип Ердоган", - иҳәеит Иенер апресс-конференциаан.
Урыстәыла ахада Владимир Путин иахьатәи Ҭырқәтәыла ахада Реџьеԥ Таиип Ердоган дидныҳәалеит ҿыц атәыла ахадас дахьалырхыз азы, иазгәеиҭеит уи иигаз аиааира атәыла ахада имаҵура хамеигаӡарала иахьынаигӡо ишабзоуроу.