Аԥсны

Аҟәа агәҭа иҟалаз ауаҩшьра иуит ҳәа агәҩара ззыҟоу ахаҵа даанкылоуп

Лаҵара 23 рзы Аҟәа ақалақь агәҭаны дыршьит 21 шықәса зхыҵуаз Ҭырқәтәыла атәылауаҩ Аидын Аҳмеҭ, даҽа ԥшьҩык ахәрақәа роуит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Аҟәа агәҭа 21 шықәса зхыҵуаз Ҭырқәтәыла атәылауаҩ Аидын Аҳмеҭ дишьит, ԥшьҩык ахәрақәа риҭеит ҳәа агәызҩара ззыҟоу Азербаиџьан атәылауаҩ Ниџьаҭ Дадашов даанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР.
Ҭырқәтәыла атәылауҩ Аҳмеҭ Аидын дыршьит Аҟәа ақалақь агәаны амҩадуқәа Арӡынбеи Аинрал Аршбеи реихысырҭаҿы асааҭ 14:10 рзеиԥш аҩаша, рашәара 23 рзы. Иара убас ԥшьҩык еиуеиԥшым ахәрақәа рыманы ахәшәтәырҭахь инаргеит, урҭ рыбжьара дыҟан 14 шықәса зхыҵуа ақәыԥш.
Аҟәа ақалақьтә прокуратура Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла 99-тәи ахәҭаҷ 2-тәи ахәҭа, 217-тәи ахәҭаҷ 1-тәи ахәҭа рыла ашьаус хацнаркит.
Дадашов Ниджат Ибрагим-оглы