АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Аԥсны Мрагылара Ааигәа аимадарақәа рырҭбаареи арегион аҿы жәларбжьаратәи азхаҵаразы аусура арцыхцыхреи рызҵаарақәа ҭелла ирылацәажәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Феисал Аль Микдади.
Аԥсни Шьамтәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа еидырныҳәалеит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа аԥҵоижьҭеи хәышықәса аҵра.
Аминистрцәа алацәажәеит ҩганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара аԥеиԥш, арегион аҿы аҭагылазаашьа, иара убас ирҳәеит Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа ҷыда ишадгылоу, иагьазгәарҭеит адунеиеиҿкаараҿы аҿиара иаҿу амчрарацәара аҵак ду шамоу.
Хара имгакәа Арӡынбеи Микдади Дамаск реиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп.