Мгәыӡырхәа инхо Марҭа Џьыкырԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит лгәы ззыбылуа лқыҭаҟны лымшқәа шымҩасуа, ашкол напхгара аҭара дшалагаз, рҵараусҳәарҭа аҭоурых, уи иахьатәи аԥсҭазаашьа, дырзааҭгылеит лгәы иҵхо азҵаарақәа ртәы, еиҭалҳәеит лусура хада анаҩс аҩны лнапы злаку, ақыҭаҿар хныҟәгагас ирымоу, ақыҭа аҿиара шылбо, иарбан ҭагылазаашьақәоу иаԥҵатәу.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.