Арадио

Бжьаниа Сергеи Багаԥшь изы: иара иеиԥш ажурналистцәа рзы иаартыз дысгәалашәом

Sputnik
12 шықәса раԥхьа лаҵара 29 рзы Москватәи ахәшәтәырҭақәа руак аҟны иԥсҭазаара далҵит 62 шықәса ирҭагылаз Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь. Иара анышә дамадоуп Очамчыра араион иқыҭа гәакьа Џьгьарда. Сергеи Багаԥшь ихьӡ иадҳәалоуп Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара - илшарақәа ирыбзоураны 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит.
Сергеи Багаԥшь ихаан Аиҳабыратә информациеи амассатә коммуникациақәеи русбарҭа ахадас иҟаз Кристиан Бжьаниа Аԥсны аҩбатәи ахада дигәаларшәо арадио Sputnik аефир аҿы иазгәеиҭеит уи ажурналистцәа акыр дырзаатын ҳәа.
"Сергеи Уасил-иԥа ахааназ ихы иаҭәеишьаӡомызт аредакциахь аҭел дасуа, аӡәы диԥхьо "ари зуҳәеи, ари заныбҵеи, ари дызцәыругеи" ҳәа. Саргьы аӡәгьы сизасӡомызт, избанзар сеиҳабы, аҳәынҭқарра ахада ус еиԥш адҵа сиҭомызт. Иара иаҟара апресса азы иаартыз ауаҩы Аԥсны аҩнуҵҟа дсыздырӡом. Ипресс-конференциақәа рҿы аамҭак арбамызт, досу ииҭахыз азҵаара ииҭон. Уи анаҩсгьы хазы инеиуан ҳа ҳтәқәа роума, Урыстәылантәи аума, харантәи ажурналистцәа, мап рцәикӡомызт, даартын", - иҳәеит Бжьаниа.