АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа ракетала ааха рырҭеит Украинатәи аеродромқәа, акомандаҟаҵаратә ҭыԥқәа, арадиолокациатә ҭыԥқәа, авиациатә техника ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Иаха Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра икылкаан ихысуа абџьар ала аеродромқәа рҿы аӷа иобиектқәа ирылахысит. Ажәылара ахықәкы нагӡоуп. Иарбаз аобиектқәа зегьы рхәашоуп", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Иара убасгьы ажәылараан ааха рырҭеит акомандаҟаҵаратә ҭыԥқәа, арадиолокациатә ҭыԥқәа, авиациатә техника, УАМ аџьаԥҳани абџьари рышьҭаҵарҭақәа ҳәа.