Алхрақәа реихшьалатә лҵшәақәа кьыԥхьхьоит аофициалтә дырранҵаҿы рашәара 1 азы.
Аҩбатәи атур аҿы Ердоган аиааира игоит ҳәа инагӡаны агәра угоит ҳәа иҟамызт, избанзар, Мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа адгылара зырҭоз Қылычдароӷлу иакәын, аха ажәлар Ердоган игәра ргоит, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳагба.
"Ҭырқәтәыла иҟоу апроблемақәа даара ирацәаӡоуп, аха иара имҩаԥиго аполитика иргәаԥхоит, еиҳараӡак, адәныҟатәи. Хаҭала Ердоган даара иӷәӷәаӡоу политикуп. Зегьы ирҳәоит, иахьатәи аполитикцәа адунеи аҿы иҟоу рҟынтә, Путинеи иареи рыҩызара шыҳараку. Ататиурк иаамышьҭахь, Ҭырқәтәыла аҭоурых аҿы Ердоган дыԥхьаӡоуп зегьы реиҳа иӷәӷәоу ҳәа. Адәныҟатәи аполитикцәагьы ирацәаҩны дырҭахуп", – иҳәеит Ҳагба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.