https://sputnik-abkhazia.info/20230530/agba-erdogan-iiaairazy-azhlar-igra-rgoit-apolitiktsagy-dyrakhup--1046061047.html
Ҳагба Ердоган ииааиразы: ажәлар игәра ргоит, аполитикцәагьы дырҭахуп
Ҳагба Ердоган ииааиразы: ажәлар игәра ргоит, аполитикцәагьы дырҭахуп
Sputnik Аҧсны
Реџьеԥ Таиип Ердоган аиааира игеит Ҭырқәтәыла ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аҿы 52% абыжьқәа иманы. Аполитолог Беслан Ҳагба алхрақәа рылҵшәа ахҳәаа аиҭеит. 30.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-30T11:30+0300
2023-05-30T11:30+0300
2023-05-30T11:30+0300
арадио
аподкаст
ҭырқәтәыла
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/1d/1046060877_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_9bb1eace12a495a053792d567499ca9d.jpg
Ҳагба Ердоган ииааиразы: ажәлар игәра ргоит, аполитикцәагьы дырҭахуп
Sputnik Аҧсны
Ҳагба Ердоган ииааиразы: ажәлар игәра ргоит, аполитикцәагьы дырҭахуп
Алхрақәа реихшьалатә лҵшәақәа кьыԥхьхьоит аофициалтә дырранҵаҿы рашәара 1 азы.Аҩбатәи атур аҿы Ердоган аиааира игоит ҳәа инагӡаны агәра угоит ҳәа иҟамызт, избанзар, Мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа адгылара зырҭоз Қылычдароӷлу иакәын, аха ажәлар Ердоган игәра ргоит, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳагба."Ҭырқәтәыла иҟоу апроблемақәа даара ирацәаӡоуп, аха иара имҩаԥиго аполитика иргәаԥхоит, еиҳараӡак, адәныҟатәи. Хаҭала Ердоган даара иӷәӷәаӡоу политикуп. Зегьы ирҳәоит, иахьатәи аполитикцәа адунеи аҿы иҟоу рҟынтә, Путинеи иареи рыҩызара шыҳараку. Ататиурк иаамышьҭахь, Ҭырқәтәыла аҭоурых аҿы Ердоган дыԥхьаӡоуп зегьы реиҳа иӷәӷәоу ҳәа. Адәныҟатәи аполитикцәагьы ирацәаҩны дырҭахуп", – иҳәеит Ҳагба.Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
ҭырқәтәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/1d/1046060877_182:0:2913:2048_1920x0_80_0_0_23f98611330666ae0722342e0eb6233d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аподкаст, ҭырқәтәыла, аудио
аподкаст, ҭырқәтәыла, аудио
Ҳагба Ердоган ииааиразы: ажәлар игәра ргоит, аполитикцәагьы дырҭахуп
Реџьеԥ Таиип Ердоган аиааира игеит Ҭырқәтәыла ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аҿы 52% абыжьқәа иманы. Аполитолог Беслан Ҳагба алхрақәа рылҵшәа ахҳәаа аиҭеит.
Алхрақәа реихшьалатә лҵшәақәа кьыԥхьхьоит аофициалтә дырранҵаҿы рашәара 1 азы.
Аҩбатәи атур аҿы Ердоган аиааира игоит ҳәа инагӡаны агәра угоит ҳәа иҟамызт, избанзар, Мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа адгылара зырҭоз Қылычдароӷлу иакәын, аха ажәлар Ердоган игәра ргоит, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳагба.
"Ҭырқәтәыла иҟоу апроблемақәа даара ирацәаӡоуп, аха иара имҩаԥиго аполитика иргәаԥхоит, еиҳараӡак, адәныҟатәи. Хаҭала Ердоган даара иӷәӷәаӡоу политикуп. Зегьы ирҳәоит, иахьатәи аполитикцәа адунеи аҿы иҟоу рҟынтә, Путинеи иареи рыҩызара шыҳараку. Ататиурк иаамышьҭахь, Ҭырқәтәыла аҭоурых аҿы Ердоган дыԥхьаӡоуп зегьы реиҳа иӷәӷәоу ҳәа. Адәныҟатәи аполитикцәагьы ирацәаҩны дырҭахуп", – иҳәеит Ҳагба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.