Урыстәыла

Москва ҩынқәак аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ааха рырҭеит

Москва, аԥырҩы дызҭам ахархәага Профсоиузнаиа амҩаҟны игылоу №98 аҩны аҵыхәтәантәи аихагылақәа ааха рнаҭеит- аԥенџьырқәа ԥҽҽит. Аҩбатәи ааха зауз аҩны 24 еихагыла иҟоу ахыбра Москва Ҿыц, Атласова амҩаҟны игылоуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Москва ҩынқәак аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ааха рырҭеит, абри атәы иҩуеит иофициалтә Telegram-канал аҿы ақалақь ахада Сергеи Собианин.

"Иахьа ашьыжь, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ржәылара иахҟьаны хыбрақәак ааха роуит. Ақалақь амаҵзурақәа зегьы аҭыԥ аҿы иҟоуп. Иҟалаз амзызқәа шьақәдыргылоит ", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Собианин иҳәеит ааха зауз аҩнқәа руааԥсыра шахгоу, аха аамҭақәак рышьҭахь рырхынҳәра шзалшо.
Ахада иажәақәа рыла, амедицинатә цхыраара иаҳәеит ҩыџьа. Урҭ ахәшәтәырҭахь рнагара аҭахымхеит.
Аусурақәа раан амҩахәҭақәа аркуп. Москватәи аҳаирбаӷәазақәа аус шыруыц ируеит. Аусҭҵаара иалагоит.
Уи адагьы Подмосковие агубернатор Андреи Воробиов адырра ҟаиҵеит, Москваҟа инеиуаз адронқәак шкарыжьыз.