Аԥсны

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ркультуратә усбарҭақәа рхадацәа рыпресс-конференциа мҩаԥгахоит

Лаҵара 30 инаркны рашәара 2 аҟынӡа Аԥсны имҩаԥысуеит Аахыҵ Уаԥстәыла акультура амшқәа.
Sputnik
Рашәара 1 асааҭ 11:00 рзы Sputnik аҿы имҩаԥгахоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ркультуратә усбарҭақәа рхадацәа Даур Ақаҩбеи Радмила Дзагоеви рыпресс-конференциа.
Алахәылацәа:
Даур Ақаҩба – Аԥсны акультура аминистр
Радмила Дзагоева – Аахыҵ Уаԥстәыла акультура аминистр
Аԥсны лаҵара 30 инаркны рашәара 2 аҟынӡа имҩаԥысуеит Аахыҵ Уаԥстәыла акультура амшқәа. Лаҵара 31 асааҭ 18.30 рзы Аԥсуа драматә театр аҟны ахәаԥшыҩцәа ироуеит алшара Коста Хетагуров ихьӡ зху Уаԥстәылатәи адраматә театр аспектакль "Ауапа еиқәаҵәа" абара, ансамбль "Симд" рбар рылшоит рашәара 1 азы Аҳәынҭқарратә филармониаҿы.