Арадио

Леиба еиҭеиҳәеит арҭ амшқәа рзы Гәдоуҭа араион аҟны аӡы азы иҟоу ауадаҩра шырӡбо

Sputnik
Гәдоуҭа араион Аӡыршьҭра аиҳабы Оҭар Леиба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион қыҭақәаки ақалақь ахәҭаки руааԥсыра арҭ амшқәа рзы аӡы азы ирымоу аудаҩрақәа шырӡбо атәы.
Ҟәланырхәа аӡымҩангагатә цәаҳәа адгьылҳәазараан иаиуз ааха иахҟьаны Абӷархықә, Ҟәланырхәа, Гәдоуҭа ахәҭак руааԥсыра ӡыда иаанхеит. Мчыбжьык аԥхьа 280 миллиметра иҭбаау аӡымҩангага 150 метра рҟынӡа ааха аиуит. Ақыҭақәа рынхацәа ӡыда иаанхеит, убасгьы ақалақь агәани Замостианка араион аҿы инхо ӡыла аиԥҟьарақәак рымоуп. Ақалақьуаа арҭ амшқәа рзы аӡы роуеит арезервтә ӡыҭгагатә станциа "Ааԥсҭа" аҟынтә.
"Аӡымҩангага Гәдоуҭа азауад аҟны иҿаҳҵан, уаанӡа ишьҭазгьы уа иҟаҵан, иахьа имазеихоит, уахь инаганы ишьҭаҵаны аус ҳуеит. Излауала иаарласны еиқәыршәаны аӡы раҳҭарц ауп. Иаҳдыруеит ауаа ишырцәыцәгьоу, шьоукы аӡы аархәоит, иҟалап ҵеџькгьы џьоукы ирымазар. Ари аԥсабара иҟанаҵаз амашәыр ауп. Иахьа иганы ишьҭаҳҵоит аӡымҩангага, уа аҭыԥгьы маншәалаӡам. Уаҵәы ашьыжь инаркны аҟазацәа адԥхьаланы, аиԥшьра ҳалагоит", - иҳәеит Леиба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.