Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа УАМ Белгородтәи аобласт ралалара аԥдырҟәҟәааит

Урыстәыла арратә маҵзурауаа рымчқәа рыла украинатәи атеррористтә еилазаарақәа ржәыларақәа хԥа аԥырҟәҟәаауп.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik. Урыстәылатәи Арбџьармчқәа, аҳәаахьчаҩцәа, Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура архәҭаҟәшақәа атанкқәа рыла ҩ-ротак рҟынӡа инаӡоз украинатәи атеррористтә еилазаарақәа ржәыларақәа хԥа аԥдырҟәҟәааит ҳәа рҳәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрраҟны.
"Иахьа ашьыжь, Белгородтәи аобласт Шебекино ақалақь аграждантә уааԥсыра рганахь ала, Киевтәи арежим ҩаԥхьа изԥшьнагаз атеррористтә жәыларақәа хԥа аԥдырҟәҟәааит Урыстәылатәи Арбџьармчқәеи, аҳәаахьчаҩцәеи, АШәМ архәҭаҟәшақәеи", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит аграждантә хыбрақәа рылахысра ашьҭахь, атанкқәа рыла ҩ-ротак рҟынӡа инаӡоз украинатәи атеррористтә еилазаарақәа иаԥшьыргаз ржәыларақәа хԥа шаԥдырҟәҟәааз жәларбжьаратәи автомашьынатә аушьҭырҭатә ҭыԥ Белгородтәи аобластаҿы Шебекинои аиланхарҭа Новаиа Таволжанкеи рҟны.
Уаҟа иазгәарҭеит, Мраҭашәаратәи арратә округ авиациа аӷа жәеиза ааха ширҭаз, аракетатә ари артиллериеи 77 усдҵа шынарыгӡаз, амцеихырԥсаҟьаратә системақәа рыла ҩ-аахак шыҟаҵаз.