Арадио

Мархолиаԥҳа ахәыҷқәа рныҳәа "Ашана" сынтәатәи акциа алҵшәазы: егьырҭ ирылукаартә иҟоуп

Sputnik
Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш инамаданы рашәара 1 азы "Ахәыҷра аныҳәа. Иқьиоу акартош" акциа сынтәа бжьышықәсоуп Аҟәа имҩаԥыргеижьҭеи. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" уи есышықәса имҩаԥнагоит ақьафурҭа "Aburger” аҟны. Аҭааҩцәа акартош раадырхәоит еицырдыруа ауаа – актиорцәа, ашәаҳәаҩцәа, ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩцәа, ажурналистцәа. Еизырго аԥарақәа афонд хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргылара иахҭнырҵоит.
Сынтәа 147 нызқь мааҭ еизган, ари арбага егьырҭ ашықәсқәа иаарылукаартә иҟоуп ҳәа лҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Асида Мархолиаԥҳа. Арҭ аԥарақәа жәаха шықәса зхыҵуа Мариа Панчулиӡе лыхәшәтәрахь ишьҭхоит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.