Аԥсны

Асахьаркыратә гимнастиказы актәи иаарту жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысит Аҟәа

Аҟәа имҩаԥысыз асахьаркыратә гимнастиказы актәи иаарту жәларбжьаратәи атурнир иалахәын Аԥсни Урыстәылеи, ДЖәРи ЛЖәРи рҟынтәигьы, аспортсменкацәа 78-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Асахьаркыратә гимнастиказы актәи иаарту жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысит Аҟәа. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит Асахьаркыратә гимнастиказы Аԥсны афедерациа аиҳабы Гәында Кәарҷиаԥҳа.
Атурнир иалахәын Аԥсни Урыстәылеи, ДЖәРи ЛЖәРи рҟынтәигьы, аспортсменкацәа 78-ҩык. Қәрала 2011-2019 шықәсқәа рзы ииз ахәыҷқәа ракәын.
“Атурнир бзианы имҩаԥысит, ахәыҷқәеи рҭаацәеи ргәы иахәеит. Аицлабрақәа Урыстәыла еиӷьымзар еицәамкәа имҩаԥысит. Аспорт азы аҳәынҭеилакы иҷыдоу ауарҳал ҳзаархәеит, атрибутика зегьы убла хнакуан, даара ҳазгәыдууп”, - лҳәеит Кәарҷиаԥҳа.
1 / 9

Асахьаркыратә гимнастиказы актәи иаарту атурнир мҩаԥысит Аҟәа

2 / 9

Асахьаркыратә гимнастиказы актәи иаарту атурнир мҩаԥысит Аҟәа

3 / 9

Асахьаркыратә гимнастиказы актәи иаарту атурнир мҩаԥысит Аҟәа

4 / 9

Асахьаркыратә гимнастиказы актәи иаарту атурнир мҩаԥысит Аҟәа

5 / 9

Асахьаркыратә гимнастиказы актәи иаарту атурнир мҩаԥысит Аҟәа

6 / 9

Асахьаркыратә гимнастиказы актәи иаарту атурнир мҩаԥысит Аҟәа

7 / 9

Асахьаркыратә гимнастиказы актәи иаарту атурнир мҩаԥысит Аҟәа

8 / 9

Асахьаркыратә гимнастиказы актәи иаарту атурнир мҩаԥысит Аҟәа

9 / 9

Асахьаркыратә гимнастиказы актәи иаарту атурнир мҩаԥысит Аҟәа

Лара лажәақәа рыла, раԥхьаӡа акәны Аԥснытәи агимнасткацәа амузыка абжьы иацықәгыланы рыпрограмма ддырбеит, апрофессионалтә спортсменцәа реиԥш.
Асахьаркыратә гимнастиказы актәи иаарту жәларбжьаратәи атурнир аҟны аиааира згаз ирырҭеит Аспорт азы аҳәынҭеилакы аҟынтәи амедальқәа, ахраҿақәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа. Атурнир аспонсорцәа алахәылацәа зегьы аҳамҭақәа рырҭеит.
Аԥсны
Асахьаркыратә гимнастиказы Аԥсны раԥхьатәи атурнир мҩаԥысит