АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Индиатәи аштат Одиша аҟны адәыӷбақәа хԥа реиҿасра иахҟьаны 280-ҩык инареиҳаны ауаа ҭахеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, аштат амцарцәаратә маҵзура аиҳабы Судханшу Саранги иҳәамҭа шьаҭас иганы.
Уаанӡа ирҳәахьан ишҭахаз 233-ҩык, 900-ҩык рҟынӡа ауаа еиуеиԥшым ахәрақәа шроуз.
Адәыӷбақәа еиҿасит ахәаша ахәылбыҽха, ақалақь Баласор азааигәара. Аидара зқәыз адәыӷба Калькуттантәи Ченнаиҟа ицоз апассаџьыртә дәыӷба иаахеит. Адәыӷба авагонқәа 10-12 арельсқәа ирықәҟьан уи аҿаԥхьа иаауаз адәыӷбамҩа ианаҳалеит, уаҟа даҽа пассаџьыртә дәыӷбак амҩа ианын.
Аиқәырхаратә усурақәа ирҿуп, амаҵзура ҷыдақәа русзуҩцәа еиқәаҳаз авагонқәа ирыҵахаз ауаа ирышьҭоуп.