Аԥсны

Индиа аихамҩаҿы иҟалаз арыцҳара мзызс иамаз атәы еилкаахеит

Индиатәи аштат Одиша аҟны ахәаша, рашәара 2 рзы адәыӷбақәа хԥа реиҿасра иахҟьаны 288-ҩык ауаа ҭахеит, 900-ҩык рҟынӡа еиуеиԥшым ахәрақәа роуит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Индиатәи аштат Одиша аихамҩаҿы иҟалаз арыцҳара мзызс иамоуп аблокҟаҵара аелектронтә система аиԥҟьара, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, индиатәи аихамҩақәа рминистр Ашвини Ваишнав иажәақәа шьаҭас иааганы.
"Аелектронтә блокҟаҵараан иҟалаз аиԥҟьарақәа ирыхҟьаны авариа ҟалеит. Уи зхароу, ишҟалаз атәы инҭырҳәыцааны ашьаусҭҵаараан еилкаахоит", - иҳәеит Ваишнав ателеканал NDTV аефир аҟны.
Аблокҟаҵара аелектронтә система - адәыӷбақәа рныҟәара ҭышәынзыртәало системоуп, уи адәыӷбақәа еиҿамсларц, авагонқәа рымҩеи алокомотивқәа арельсқәеи ирхымҟьаларц азы аусура иазкуп.
Ахәаша рашәара 2 рзы ахәылԥаз аидара зқәыз адәыӷба Калькуттантәи Ченнаиҟа ицоз апассаџьыртә дәыӷба иаахеит. Адәыӷба авагонқәа 10-12 арельсқәа ирықәҟьан уи аҿаԥхьа иаауаз адәыӷбамҩа ианаҳалеит, уи амҩа ианыз даҽа пассаџьыртә дәыӷбак иаахеит.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, аихамҩатә рыцҳараҿы 288-ҩык ауаа ҭахеит, 900-ҩык рҟынӡа еиуеиԥшым ахәрақәа роуит.
Урыстәыла
Индиа 280-ҩык инареиҳаны ауаа ҭахеит адәыӷбақәа хԥа реиҿасра иахҟьаны