АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҿы амашәыр ҟалеит, уи иахҟьаны урыстәылатәи туристк дҭахеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Адырраҭараҿы иазгәарҭоит Ҩыԥсаратәи аиҩхааҿы ахаҳә кыдҩырны алеира иалаган, ҵаҟа имҩасуаз амашьына иақәҳаит.
Ари иахҟьаны 27 шықәса зхыҵуаз Пензатәи аобласт Заречныи ақалақь инхоз Владислав Вишниаков аҭыԥан иԥсҭазаара далҵит, даҽа пассаџьырк, 28 шықәса зхыҵуа Альбина Копеева, лшьапы ԥҵәан, ахәышәтәырҭахь днаргеит.