АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Аимадаратә ҳа аремонт азура Аԥсназы алшара аанартуеит ҳаамҭа иақәшәо апассаџьыртә дәыӷбақәеи аидарамҩангага дәыӷбақәеи рыдкыларазы. Абри атәы арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит "Аԥснеихамҩа" анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.
Иара иажәақәа рыла, шықәсык ҵуеит "Аԥснеихамҩа" аимадаратә ҳа аремонт азнамуижьҭеи, аҟазацәа ахьырзымхо азы.
Уажәааигәа Аԥсни Урыстәылатәи Аихамҩақәеи ирыӡбеит аԥсуа-аурыс ҳәаа инаркны Гагранӡа, наҟ-наҟ Аҟәанӡа аимадаратә ҳа аремонт азыруразы.
Ҟәыруа иажәақәа рыла, ари аҳа аремонт азура Аԥсназы акраҵанакуеит, избанзар уи иабзоураноуп апассаџьыртә дәыӷбақәеи аидарамҩангага дәыӷбақәеи шныҟәо.
“Уи ада ҳара иарбанзаалак усуракгьы ҳзымҩаԥгом. Хара имгакәа адәыӷба "Ласточка" аныҟәара иалагоит Шәачеи Гагреи рыбжьара. Ҳара аинфраструктура азҳархиаруоп уи адкылара ҳалшартә”, - ҳәа инаҵишьит Ҟәыруа.
"Аԥснеихамҩа" анџьныр хада ишиҳәаз ала, аиқәшаҳаҭра апроект хиоуп, уи аԥсуа гани аурыс гани мышқәак рыла рнапы аҵараҩыраны иҟоуп.