Урыстәыла

Џьубга-Шәача амҩахәҭаҟны аидарамҩангагақәа рзы аԥкрақәа алагалоуп

Sputnik
АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Афедералтә ҵакыра "Сириуси" афедералтә мҩаду А-147 Џьубга - Шәача ахәҭаҟны асааҭ 06:00 инаркны 00:00 -нӡа рашәара 6 -10 рзы аидарамҩангагақәа рзы аԥкрақәа алагалоуп.
Аԥсны ААР Урыстәыла иалалар зҭахәу амашьына дуқәа рныҟәцаҩцәа ргәырҽанырҵоит.
Аԥкрақәа алагалоуп Шәача имҩаԥысуа ИАР Ахеилаки Евразиатәи аҳәынҭқаррабжьаратә Хеилаки рнапхгаҩцәа реилатәара иахҟьаны.