Урыстәыла

"Ласточка" Гагреи Шәачеи ирыбжьалоит рашәара 8 инаркны

Ирлас иныҟәо афымцадәыӷбахь абилеҭқәа рыҭира иалагахьеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 6 - Sputnik. Ирлас иныҟәо афымцадәыӷба "Ласточка" Гагреи Шәачеи ирыбжьалоит рашәара 8 инаркны ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи Аихамҩаныҟәара.
Адәыӷба есыҽны абри аамҭала иныҟәалоит:
Шәачантә - 11:54,
Шәача аҳаирбаӷәазаҟынтә - 18:52,
Гагрантәи Шәачаҟа аҳаирбаӷәазаҿ идгыланы - 07:30,
Гагрантәи Шәачатәи аҳаирбаӷәазахь - 15:15.
Амҩа х-сааҭк рҟынӡа иқәхоит.
"Амаршрут иаҿырԥшны аангыларҭақәа: астанциақәа Имеретински Курорт, Адлер, Хосҭа, Мацеста, аангыларҭатә ҭыԥқәа - Гагрыԥшь, Церетели (Абааҭа)", - аҩуеит УАН.
Аилахәыра иазгәанаҭоит аҳазатәи аҳәаахьчаратәи гәаҭарақәа апассаџьырцәа шахрыжьуа астанциақәа Веселое (Урыстәыла) Цандрыԥшь (Аԥсны) рҿы.