АҞӘА, рашәара 5- Sputnik. Пицунда зыԥсабара цқьоу аҭыԥқәа жәаба ирыҵанакуеит рашәарамзазтәи аԥсшьараамҭазы, абри атәы азгәанаҭоит аотельқәеи ауадақәеи заанаҵтәи рҿаҵараз амаҵзура Tvil.ru.
Актәи аҭыԥ ннакылоит Кисловодск, аҩбатәи - Голубицкаиа, Краснодартәи атәылаҿацә, ахԥатәи - Зеленоградск, Калининградтәи аобласт.
Ицқьоу аԥсшьаратә хырхарҭақәа жәаба:
Ақалақь | Уахыктәи аԥсшьараз абжьаратә хәыԥса | Абжьаратә ԥсшьараамҭа |
Кисловодск, Ставропольтәи атәылаҿацә | 3037 | 8 у/ҽ |
Голубицкая, Краснодартәи атәылаҿацә | 2776 | 9 у/ҽ |
Зеленоградск, Калининградтәи атәылаҿацә | 4318 | 6 у/ҽ |
Архипо-Осиповка, Краснодартәи атәылаҿацә | 3494 | 9 у/ҽ |
Евпаториа, Ҟрым | 3169 | 11 у/ҽ |
Пицунда, Аԥсны | 3456 | 9 у/ҽ |
Гәыбаадәы, Краснодартәи атәылаҿацә | 4689 | 5 у/ҽ |
Сортавала, Карелиа | 5151 | 3 у/ҽ |
Железноводск, Ставропольтәи атәылаҿацә | 1973 | 8 у/ҽ |
Чемал, Алтаи | 5127 | 5 у/ҽ |
Заанаҵтәи адыррақәа рыла аԥхын Аԥсны иаҭаар ҟалоит миллионҩык атуристцәа. 60% – Шәачантәи мышктәи аекскурсиақәа рыла.