Аԥсны Жәлар реизара адепутат арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит арҭ аныҳәатә мшқәа рҭоурыхтә шьаҭа атәы, иҳәеит дара усуратә мшқәаны ишаанхо, аха убри аан ишныҳәамшхо. Беслан Емырхәба иара убасгьы дазааҭгылеит иааиуа аилатәараҟны атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аҟынтә адепутатцәа ирыдгалахо егьырҭ азакәан апроектқәа ртәгьы.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәатәи агәалашәаратәи мшқәа рзы" азакәан иалагалоу аиҭакрақәа инарықәыршәаны Аԥсны иазгәарҭалоит:
Лаҵара 17 - Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә маҵзура амш.
Лаҵара 17 - Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә маҵзура амш.
Рашәара 10 - Аԥсны Аҳәынҭқарра астатистика амш.
Ԥхынгәы 4 - Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥсеикәырхаҩцәа рымш.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.