Урыстәыла

Приморие инхо аӡәы даанкылоуп Украина иадгылан иԥшыхәоз

Иааныркылаз иганахь ала ашьаус хацыркуп аҳәынҭқарра аԥсахраз.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Приморсктәи атәылаҿацә аҟны инхоз аӡәы даанкылоуп украинатәи ар рзы дыԥшыхәон ҳәа гәҩарас дҟаҵаны, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура апресс-маҵзура шьаҭас иганы.
"Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусеилыргаратә усбарҭа ашьаус хацнаркит Урыстәыла Ашьаустә закәанеидкыла 275-тәи ахәҭаҷ ала (аҳәынҭқарра аԥсахҩы). Ахара здырҵо дҭакуп", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Аацҳамҭаҿы иазгәаҭоуп, иаанкылоу азинхьчаратә хыбрақәеи арратә инфраструктуреи ирыҵанакуаз аргыларақәеи рзы аинформациа еидкыланы украинатәи иҷыдоу аусбарҭақәа ишриҭоз, убри аан Урыстәыла ашәарҭадара иҭанаргылар алшар шидыруаз.