Арадио

Ҳагба: Украина Урыстәыла аганахьала атеррористтә еибашьра аԥшьыргеит

Sputnik
Украина Арбџьармчқәа Каховтәи ГЕС иалахысит, аԥхасҭа аҭоуп аӡкыра ахәҭак, аха аӡыхкыра ԥырхага амоуит. Аӡхыҵра ҟалар алшоит 14 еиланхарҭа ацкыраҟны, уаҟа 22 000-ҩык ауааԥсыра нхоит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Херсонтәи аобласт ахада.
Арратә операциа ҷыда ианалага инаркны урыстәылатәи аруаа астанциа хылаԥшра арҭон. Украинатәи амчрақәагьы абри аамҭазы ГЕС еихсуан. Убри аан иҳәатәуп, жьҭаарамзазы Урыстәыла ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак ахь ашәҟәы шынанашьҭыз афымцастанциа адамба аихсра алдмыршарцаз. Ахҭысқәа арадио Sputnik аефир аҿы ахҳәаа реиҭеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Украинатәи акризис аҵыхәтәантәи аамҭазы аҽарӷәӷәо иалагеит, атеррористтә ҟазшьа аанахәеит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳагба.
"Украинатәи арбџьармчқәа Каховтәи аӡтәы фымцатә станциа иазыруз ашьҭахь лабҿаба иаҳбоит Украина даҽа еибашьрак шаԥшьыргаз. Аибашьра атеррористтә ҟазшьа аанахәеит. Аҩадатәи Кавказ Урыстәыла атеррористцәа ианрабашьуаз абас еиԥш иӷәӷәаӡаны аҭыԥ аман, мҽхакы ҭбаала иаҳа имаҷзар ҟаларын Украина аасҭа. Ашколқәа ркуан, ахәшәтәырҭақәа ааныркылон. Усҟан Владаимр Путин иажәақәа сгәалашәоит, "иаҭаххозар, зегы цҟьаны иқәаҳҵоит" ҳәа", - азгәеиҭеит Ҳагба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.