Аԥсны

Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы агәамсамеизгарҭа амца ацралеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы агәамсамеизгарҭа абылра иаҿуп ҳәа Sputnik адырра арҭеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аҭыԥ аҟны аус руеит Аҟәа ақалақь иатәу амцарцәаратә гәыԥқәа хԥа.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, амца акит 500 метра ԥшьыркца рҟынӡа аҵакыра.
Аҟәа ақалақь ахадара Анхара-коммуналтә нхамҩа адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслана Аҩӡба иажәақәа рыла, агәамсам хыџьара амца акуп, ибылуеит абзазаратә гәами аорганикеи.