АҞӘа, рашәара 9 – Sputnik. Аԥсны ареспубликатә биуџьет, аиҳабыреи ахадеи ррезервтә фондқәа рҟынтәи иахьатәи аамҭазы аԥара рзоужьуп 28 усурақәа рзы аԥара, харџьынҵала 279 млн 242 нызқь мааҭ, абри атәы аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭеиҳәеит Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.
Иара иазгәеиҭеит урҭ ишырзоурыжьхьоу 175 млн 773 нызқь мааҭ.
Аԥсны ахада идҵала, аусурақәа мҩаԥысуеит хә-обиектк рҿы:
Кәыдры аӡиас аӡыршьҭра ариашара – аусурақәа рыхәԥса 30 млн 447 нызқь мааҭ,
Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан Аалӡга иху ацҳа аиҭашьақәыргылара – 15 млн 313 нызқь мааҭ,
Тҟәарчал Горьки имҩаҿы игылоу анхарҭаҩны ахыб аремонт – 6 млн 585 нызқь мааҭ,
Аҟәатәи апантеон аҿы аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа – 7 млн 893 нызқь мааҭ.
Аԥсны аиҳабыра ррезервтә фонд аҟынтәи 13 обиект рзы иоужьуп 86 млн 417 нызқь мааҭ:
Аҟәа иҟоу Нестор Лакоба иҩны-музеи,
Тҟәарчал Арӡынба ипроспект аҿы игылоу анхарҭаҩны ахыб аремонт,
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахыб аиҭашьақәыргылара,
Аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы аобиетқәа реиҭашьақәыргылара,
Пицунда ахәыҷбаҳча акапиталтә ремонт, адәнытәи афымцеиқәыршәарагьы налаҵаны,
Апрокуратура хада ахыб акапиталтә ремонт,
Аԥсуа телерадиоеилахәыра астудиақәа рремонт уҳәа егьырҭгьы.
Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи быжь-обиектк инареиҳаны аԥара рзоужьуп, ахарџьынҵала 137 млн мааҭ инареиҳаны:
Аҟәа араион аҿы иҟоу аҳәынҭқарратә нхамҩа "Субтропик" иатәу анхарҭаҩны ахаҿратә ганқәа ркапиталтә ремонт,
Гәдоуҭа Ахатәгәаԥхаҩцәа рымҩаҿы адгьыл ахьҳәазо анаара арӷәӷәара,
Очамчыра араион аҿы афельдшер-акушертә ҭыԥқәа рҿы аргылара-монтажтә усурақәа,
Аҟәа Абазақәа рымҩаҿы иҟоу аԥкьаҭымпылтә дәы акапиталтә ремонт,
Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан авольтҳарак цәаҳәақәа реиҭашьақәыргылара,
Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан Афымцаҳақәа еизгоу рытрансформатортә станциа маҷ (ЛЭП КТП) №233 "Мҵара" аиҭашьақәыргылара,
Аминистрцәа реилазаара акорпус №3 акапиталтә ремонт.
Уаанӡа Александр Анқәаб имҩаԥигеит Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳаби афинансқәа рминистри иареи реилацәажәара, уа иазааҭгылеит ахатә биуџьет аҟынтәи аԥара ззоужьу аобиектқәа 73 рыргылара, рремонт, реиҭашьақәыргылара. Аусурақәа рзеиԥш хәыԥса – 270 млн мааҭ.