Ахәыҷтәы бызшәатә центр "Аӡыхь" аартуп Гагра. Ишԥаҟалеи уи, иабанӡаҟаз аҭахра, шаҟаҩы аднакылартә алшара ыҟоузеи, насгьы, ахәыҷқәа аус шԥарыдырулои, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭарҳәеит ашколқәранӡатәи аҵарааӡаратә центр напхгара азызуа Кама Кәыҵниаԥҳаи ахәыҷтәы бызшәатә центр "Аӡыхь" Гагратәи аҟәша ааӡаҩ Мадина Қәпалԥҳаи.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.