Ахәаҷа-маҷа арахь иқәнагалаз, аԥсабара иалалахьеит аҟынтә, урҭ шьҭа иқәҵны ицаӡом, ҳара иаҳуалу рымчқәа анмаҷу аамҭазы ахәшәтәра ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҷыҭанаа.
"Шықәсык ахь знык, ма ҩынтә ахәшәтәра мҩаԥгалатәуп апальмақәа ықәызго ахәаҷа-маҷаҟынтә. Ашыц акәзаргьы, ус ихьчатәуп. Аԥхарра 17 градус шааҟалалак, ахәаҷақәа аҿиара иалагоит аҟынтә, уажәшьҭа аусурақәа ирылагатәуп. Ҵыԥх пальмакгьы мԥсит, иагьԥҟамызт, имҩаԥгаз ахәшәтәра иабзоураны. Сынтәагьы сақәгәыӷуеит ус еиԥш алҵшәа. Аҭагылазаашьа аконтроль амоуп", - ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҷыҭанаа.
Апальмақәа рыхәшәтәра аус шымҩаԥысуа атәы еиҭаҳәауа, Ҷыҭанаа иҳәеит ахәшәқәа хәыда-ԥсада ишырзыршо, анаҩс, аҭыԥан аусурақәа мҩаԥыргарцаз.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.