Административ-ҵакыратә акқәеи, урҭ рыхьӡқәеи, урысшәалеи англыз бызшәалеи атранскрипциақәа рышьақәырӷәӷәара иазку азакәан апроект иалацәажәеит аҵарадырреи, анаукеи, абызшәатә политикеи, адини амассатә информациа ахархәагақәа русқәеи рзы Жәлар реизара аилак аилатәараҟны. Уи далахәын атәыла ахада иҿы иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Виачеслав Чрыгба. Азакәан апроект азы ажәалагала ҟаиҵеит Жәлар реизара адепутат Инар Гыцба.
Арадио Sputnik аефир аҟны адепутат еиҭеиҳәеит ас еиԥш ажәалагала зыҟаиҵаз, аҭыԥхьыӡқәа ииашаны рарбара, егьырҭ абызшәақәа рыла ранҵараан аԥсышәала ишуаҳауа иазааигәаӡаны рыҟаҵара заҭаху, ари азҵаара актуалра ахьынӡаҵоу атәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.