Аекскурсиа амҩаԥгаҩ Ҳаџьараҭ Џьыкырба еиҭеиҳәеит ихы ззыикырц гәҭакыс имаз, ԥсшьара Аԥсныҟа иаауа рымҩаԥгара дшалагаз, асасцәа "азҵаара рацәа иқәрымԥсарц" азы дзеиԥшразар ахәҭоу иара изанааҭ ала аус зуа.
Аԥсҭазаара амҩа рацәа ҳзаанартуеит. Урҭ рахьынтә акы алхтәуп. Ишԥеилкаатәу иаҳнаало? Зхатәы мҩа ылзхыз ауаа арадио Sputnik аефир аҟны адырраҭара "Сара сус" аҿы драцәажәоит Асида Малыиаԥҳа.