Урыстәыла

Италиа уаанӡатәи аԥыза-министр Сильвио Берлускони иԥсҭазаара далҵит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Италиа уаанӡатәи аԥыза-министр, асенатор Сильвио Берлускони иԥсҭазаара далҵит 87 шықәса дшырҭагылаз милантәи ахәшәтәырҭа San Raffaele аҟны, абри атәы аанацҳауеит агазеҭ Corriere della Sera.
Сильвио Берлускони милантәи ахәшәтәырҭа дышьҭаҵан ахәашаҽны, иара хымчыбжь раԥхьа ахәшәтәырҭа дылрыҩаахьан.