Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аԥҵан 31 шықәса раԥхьа, 1992 шықәса рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.

"Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аусзуҩцәеи афицарцәеи иҷыдоу ауалԥшьа рнапы иануп – урҭ аҭакԥхықәра ду аадырԥшыроуп атәыла хадареи аҳәынҭқарреи рыхьчараҟны", - ҳәа ануп адныҳәалараҟны.

Аслан Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит змаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡараан иҭахаз ААМ аусзуҩцәа хашҭра шрықәым, иахьатәи аамҭазы аус зуа ракәзар, иҭабуп ҳәа реиҳәеит гәыцқьарыла инарыгӡо русуразы, ирзеиӷьеишьеит агәабзиареи аманшәалареи.