АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхеит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
"Амшцәгьа иахҟьаны аҳауатә цәаҳәақәа "Аҽгәара", "Шьешьелеҭ-1" ыцәеит, "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа аҭыԥ аҿы аусура иаҿуп", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Амшцәгьа иахҟьаны Гәдоуҭа ақалақьи араион ақыҭақәаки рҿы алашара ыцәеит астанциа маҷқәа аӡы ахьрыҵалаз, насгьы трансформаторқәа адыд-мацәыс ахьрысыз иахҟьаны.