Аԥсны

Гәдоуҭа ақәаршҩы илеиз иахҟьаны аҩнқәа аӡы рыҵалеит

Гәдоуҭа ақәаршҩы ӷәӷәаны илеит аԥшьаша, ашьыжь асааҭ быжьба рзы, аӡәгьы ааха имоуит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гәдоуҭа ақәаршҩы ӷәӷәа илеиз иахҟьаны аӡцарҭақәа ҭәын, аҩнқәа аӡы рыҵалеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит АҶА апресс-маҵзураҿы.

"Кьараз амҩаҿы аҩнқәа аӡы рыҵалеит. Ақәаршҩы ӷәӷәа асааҭ быжьба рзы иалагеит. Ақалақь амаҵзурақәа русзуҩцәеи, иара убас АҶА аусзуҩцәеи 15-ҩык аҭагылазаашьа иахылаԥшуеит, аӡы аҩаӡара гәарҭоит", – рҳәеит аусбарҭаҿы.

Макьана еилкаам шаҟа ҩны ааха роуз, уажәы аиқәырхаҩцәа аӡы аҭтара иаҿуп.