Аԥсны

Гәдоуҭа араион ахәҭак лашарада иаанхеит амшцәгьа иахҟьаны

Гәдоуҭа аԥша ӷәӷәаны иасит, ақәаршыҩ бааԥс леит рашәара 15 ауха, ҩнқәак рааҵрақәеи дареи аӡы рыҵалеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион ахәҭак лашарада иаанхеит амшцәгьа иахҟьаны ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аҭыԥантәи афилиал анџьныр хада Денис Ажьиба.
Иара иазгәеиҭеит алашара шыҟам Лыхны, Хыпсҭа, Ҟәланырхәа, иара убас ақалақь агәаны. Ҟәланырхәеи Гәдоуҭеи хара имгакәа алашара роуеит.
Алашара ыцәеит астанциа маҷқәа аӡы ахьрыҵалаз иахҟьаны, Лакоба имҩаҿы иҟоу амчхара змоу астанциа маҷгьы уахь иналаҵаны.
Аремонт ҟазҵо абригадақәа иҟалаз аус арҽеира иаҿуп.
Аԥсны
Гәдоуҭа ақәаршҩы илеиз иахҟьаны аҩнқәа аӡы рыҵалеит
Ажьиба иазгәеиҭеит сааҭқәак Калдахәареи Блабырхәеи алашара шыҟамыз адыд-мацәыс атрансформатор иахьаахаз иахҟьаны. Аха уи аҭыԥ иқәырҵахьеит.
Џьырхәа ақыҭан адыд-мацәыс ҩ-трансформаторк ирысит, акы аусура иаладыргахьеит, аҩбатәи зынӡа иԥсахтәуп.