Аԥсны

Гәдоуҭа араион аҿы ақәаршҩы иҟанаҵаз аԥхасҭа ахә инықәырԥшны ишьоуп

Гәдоуҭа араион аҿы ақәаршҩи адыд-мацәыси ҟалеит аԥшьаша, рашәара 15 рзы ашьыжь.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Заанаҵ иҟаҵоу аԥхьаӡарақәа рыла, 25 ҩны раҟара аӡы рыҵалеит рашәара 15 ашьыжь илеиз ақәаршҩы ашьҭахь. Абри атәы Sputnik акорреспондент иеиҳәеит араион ахадара ақалақь анхамҩа аусбарҭа аиҳабы Витали Агрба.
"Араион ахадареи АҶА аусзуҩцәеи амшцәгьа аԥхасҭа ахьыҟанаҵаз аҭыԥқәа рахь инеит. Афото, авидео ҭырхит. Уажәазы еизаҳгаз адыррақәа рыла, ақалақь аҿы 24 ҩны аԥхасҭа роуит, даҽакы - Приморское ақыҭан", - иҳәеит иара.
Агрба иазгәеиҭеит макьана урҭ рхыԥхьаӡара иацлар шалшо, избанзар ауаа арзаҳалқәа ралаҵара иаҿуп.
Иара иажәақәа рыла, аӡиас хәыҷқәа Кистрики Аӡлагарӡи рзааигәара игылоу аҩнқәа аӡы рыҵалеит.
Аԥсны
Гәдоуҭа ақәаршҩы илеиз иахҟьаны аҩнқәа аӡы рыҵалеит
"Иҳаҩсыз амчыбжь азы Гәдоуҭа араион ахадара анхарҭа-нхамҩатә усбарҭа аусзуҩцәа аӡиасқәа амшын иахьалало аҭыԥқәа дрыцқьеит. Ус иҟарымҵазҭгьы иахьа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иҵегьы еицәахон", - инаҵишьит Агрба.
Гәдоуҭа араион ақыҭақәа рҿы амшцәгьа ԥхасҭа дук ҟанамҵаӡеит. Џьара-џьара адгьылқәа аӡәӡәеит, Хыԥсҭа ақыҭан ҩнык адыд-мацәыс асын, абзазаратә техника бжьысит, афымцацәаҳәақәа ҿыблааит.
Агрба иара убас иазгәеиҭеит араион аҿы акомиссиа шаԥырҵо амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа шаҟа ахарџь ҟарҵаз аԥхьаӡаразы. Урҭ аԥхасҭа зауз атәылауаа рҟынтәи арзаҳалқәа рыдыркылалоит.
Аԥсны
Гәдоуҭа араион ахәҭак лашарада иаанхеит амшцәгьа иахҟьаны