Аԥсны

Гәдоуҭа араион аҿы афымцалашара ҟалеит

Рашәара 15 рзы Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз аԥшатлакәи ақәаршҩи ирхырҟьаны афымцалашара аԥхасҭа аиуит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион аҿы афымцалашара ҟалеит ҳәа Sputnik адырра аиҭеит "Амшынеиқәафымцамч" аҭыԥантәи афилиал анџьныр хада Денис Ажьиба.
"Ҭыԥқәак рҿы афымцацәаҳәақәа, аизолиаторқәа рыԥсахит, Џьырхәа ақыҭан адыд-мацәыс заахаз атрансформатор рыԥсахит. Астанциа маҷқәа ирыҵалаз аӡы рыҵҵын, аусура иаладыргеит", - иҳәеит Ажьиба.
Гәдоуҭа араион ахәҭак лашарада иаанхеит рашәара 15 рзы ашьыжь иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны. Фымцалашарада иаанханы иҟан ақалақь агәы, Лыхны, Хыпсҭа, Ҟәланырхәа ақыҭақәа.
Калдахәареи Блабырхәеи алашара ыҟаӡамызт адыд-мацәыс атрансформатор иахьасыз иахҟьаны. Џьырхәа ақыҭангьы ҩ-трансформаторк адыд-мацәыс рысит.
Аԥсны
Гәдоуҭа араион аҿы ақәаршҩы иҟанаҵаз аԥхасҭа ахә инықәырԥшны ишьоуп