Аԥсны

Гәыԥ ақыҭан иҟалаз ауаҩшьразы ашьаус хацыркуп

Заанаҵтәи ашьаусҭҵаара адыррақәа рыла, гәҩарас ирымоу арԥыс игәы иҭакны ауаҩшьра ҟаиҵеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Очамчыра араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Гәыԥ ақыҭан иҟалаз ауаҩшьразы, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Заанаҵтәи ашьаусҭҵаара ишьақәнаргылеит рашәара 11 ҵхыбжьон, асааҭ 00:30 рзеиԥш 17 шықәса зхыҵуа Инал Делба, заа игәы иҭакны, ашәарыцага шәақь ала иаб, Џьамал Делба, диеихсит. Ахаҵа иаразнак иԥсҭазаара далҵит.
Инал Делба даанкылан. Аусӡбарҭа ишаӡбаз ала, иара ауаҩы аамҭалатәи иаанкыларҭа дыҩнакуп.