Аԥсны

"Ласточка" аамҭала Аԥсныҟа аара иаҟәыҵит

Адәыӷба аныҟәара ааныркылеит ақәаршҩи аԥшатлакәи ирыхҟьаны Гагра араион аҿы аихамҩа аԥхасҭа ахьаиуз азы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 15 – Spunik. Афымцадәыӷбақәа "Ласточка" Гаграҟа рныҟәарақәа аамҭала иаанкылоуп, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсны аихамҩақәа" апресс-маҵзура.
"Иахьатәи аамҭазы Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи иаауа адәыӷбақәа аанкылоуп, урҭ неиуеит аихамҩаангыларҭа "Цандрыԥшь" аҟынӡа", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
"Аԥсны аихамҩақәа" апассаџьырцәа зегьы хәыда-ԥсада иахьгатәыз иргеит. Автобусқәа ирҭадыртәон адәыӷбаангыларҭа иаԥну ашҭақәа рҿы.
Аԥхасҭа ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы аусурақәа ирҿуп уахгьы-ҽынгьы. Аԥснытәи аусуҩцәа ирыцхрааразы иааит урыстәылатәи аҟазацәагьы.