Аԥсны

Нинуеи Ҷолокәуеи Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥштә арратә дҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа иазкны

Sputnik
Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥштә арратә дҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа сынтәатәи аҵарашықәс хыркәшоуп. Сынтәа 11-ҩык аушьҭымҭацәа ыҟоуп. Урҭ хықәкыс ирымоу, аҵараиурҭа лшарақәас ирынаҭо, ара аҵараҵара ахьынӡауадаҩу уҳәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы иалацәажәеит арратә ҵараиурҭа аиҳабы Игорь Нинуеи аушьҭымҭа, алеитенант ичын зауз Дамеи Ҷолокәуеи. Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.