Аԥсны

Сергеи Тәанба иқыҭантәыз ауаҩы дишьит ҳәа ахара идырҵеит

Аганқәа ахарадҵа иахашшаар ҟалоит аусурамшқәа 15 ирҭагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik. Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа Алада Ешыра анхаҩы Сергеи Тәанба ихарарҵеит иқыҭантәыз Оҭари Мышәба гәҭакрыла ишьра, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Тәанба ихара дақәшаҳаҭхеит. Иара иқәырҵеит жәышықәса ариашаратә колониаҿы ирџьбараны ҭакрыла ахгара.
Ацәгьоура ҟалеит жьҭаара 15 2022 шықәса рзы аус зымуа аӡлагаразауад аҿы. Иҟоу адыррала, Сергеи Тәанба арыжәтә џьбара дашьны дыҟан, игәы иҭакны еимакык аҵыхәала дишьит. Иара Оҭари Мышәба ҩынтә аҳәызба илеиҵеит, уи аҭыԥан иԥсҭазаара далҵит.
Аԥсны
Гәыԥ ақыҭан иҟалаз ауаҩшьразы ашьаус хацыркуп