Арадио

Қырҭбаиа Гәдоуҭа иҟаз амшцәгьазы: уамак ишәарҭамызт, аха аԥхасҭа ҟанаҵеит

Sputnik
АҶА иатәу Гәдоуҭатәи амцарцәара-аиқәырхаратә хәҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алхас Қырҭбаиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аиқәырхаҩцәа рнапы злаку, аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Иахьа ашьыжь асааҭ 7 рзы Гәдоуҭа илеиз ақәаршҩы аӡыршьҭрақәа аџьгәеит, уи иахҟьаны ауаа рыҩнқәа аӡы рыҩналеит. Аӡы зҵалаз ауаа рыцхрааразы аус руеит АҶА аусзуҩцәа.
АҶА иатәу Гәдоуҭатәи амцарцәара-аиқәырхаратә хәҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, 2021 шықәсазы амшцәгьа аан иҟаз аҭагылазаашьа иаҿырԥшны, иахьа илеиз ақәаршҩы ауаа иаҳа имаҷны аԥхасҭа рнаҭеит, араион аиқәырхаҩцәа 30-ҩык рымчала ақалақь аҟны зыҩнқәа аӡы рыҩналаз, аҭел ианырзаслак ашьҭахь, ирыцхраауеит.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.