Аԥсны

Ҵышәба еиҭеиҳәеит Гагра амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа шаԥырхуа

Гагра араион аҿы рашәара 14 ауха ақәаршҩы ӷәӷәа леит, уи аӡымҭҟьар аанагеит. Уи иахҟьаны ареспубликатә мҩадуи аихамҩеи ԥҽит, сасааирҭак иатәыз азеиԥшынхарҭа ықәхны иагеит, аҩнқәа еиланажьит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа ишырҿыц ирҿуп ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.
"Ареспубликатә мҩаду арыцқьаразы аусурақәа уажәыгьы ирҿуп. Аӡымҭҟьар иаанагаз агәам зегьы иаха амҩа аган ахь ииаргеит, иахьа акоммуналтә маҵзурақәеи "Аԥсныавтомҩа" аусзуҩцәеи уи ықәыргоит. Иара убас ацҳа иаԥныз ақәаршыҩцарҭақәа агәам иаџьгәеит, урҭгьы иахьа ррыцқьара иаҿуп, иҷыдоу атехника аус ауеит", - иҳәеит иара.
Чаӷрыԥшь ақыҭан аԥхасҭа зауз аҩнқәа рҿы инхоз ауаа агәылацәа рҿы инхоит. Арыцқьарақәа ирыламгаӡацт, избанзар уантәи иқәырго агәамсам аԥхасҭа зауз аихамҩала иргараны иҟан, аха макьана уи аҩыза алшара ыҟаӡам. Аԥсны аихамҩақәа абригадақәа аилыргара иаҿуп.
Ҵышәба иазгәеиҭеит еилабгаз аҩнқәа рҿы инхоз аԥсшьаҩцәа асасааирҭа ишыҩноу. Урҭ рдокументқәа реиҭашьақәыргылараҿы ирыцхраауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аконсулра.
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, аҟазацәа Чаӷрыԥшь ақыҭан автомҩатә цҳа аҭагылазаашьа гәарҭеит. Дара ргәаанагарала, ацҳа аԥхасҭа амоуӡеит.
Аԥсны
Аԥсны ахада Гагра иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа ҭиҵаауан