Аԥсны

Аҿар рквиз мҩаԥысит Аҟәа "Москва Аҩнаҿы"

Сынтәа рашәара 27 рзы иазгәарҭо Аҿар рымш иазкыз аквиз мҩаԥысит акультура-усутә центр "Москва Аҩны" аҿы ахәаша, рашәара 16.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акоманда "Зыԥсахы ԥжәо 12-ҩык ахацәа" аиааира ргеит "Москва Аҩны" Аҿар рымш иазкны еиҿнакааз аквиз аҿы.

"Араӡны" иаиааит "Неабыкто", ахԥатәи аҭыԥ - "Зхәыҷраахыс еиҩызцәоу".

Зынӡа аинтеллектуалтә еицлабра иалахәын 15 команда рҟынӡа, урҭ рыбжьара иҟан Аҟәа аҿартә еиҿкаарақәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа, аилахәыра "Аԥсны-оил", Россотрудничество ахаҭарнакра уҳәа егьырҭ еиҿкаарақәа рҟынтәи аҿар.
Алахәылацәа Урыстәыла амузыка, акино, аҭҵаарадырра, аҭоурых, акультура ирызкыз азҵаарақәа рҭак ҟарҵон.
"Ҳара ҳкоманда уажәшьҭа ԥшьынтәуп ари аквиз иалахәуижьҭеи, аҵахара ҳшаҿыз аҩбатәи аҭыԥ аҟынӡа ҳхалеит. Ҳгәы ацԥыҳәо, ҳхы ҳақәгәыӷуа ҳҟалеит", - лҳәеит акоманда "Неабыкто" алахәыла Екатерина Еныкь.
Аквиз еиҿкаан Москва Аиҳабыра, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа рдепартамент, Москватәи Аџьынџьуаҩ иҩны рыдгыларала.
Аԥсны
Аџьармыкьа, аконцерт, ацәыргақәҵа: Урыстәыла амш азгәарҭеит Аҟәа